Print this page
11.Рашәара.2025

Аԥснытәи акоманда «Нарты из Абхазии» Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь, азал  «MTC Live Холл»аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара. Уи ахы аланархәуеит Иреиҳаӡоу Алига 2005 шықәса ачемпион, акоманда «Нарты из Абхазии». Иара убас аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылараны иҟоуп Иреиҳау Алига акомандақәа «Четыре татарина» (Ҭаҭарсҭан), «Сборная МАИ» (ақ.Москва).

Аԥснытәи акоманда акаԥдан Ҭемыр Ҭаниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ахәмарра аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.

Ҭемыр Ҭаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, акоманда апрограмма аҩра иаҿуп, аха иара уи адеталқәа ааимыртӡеит.

«Зегьы ҳақәгылараҿы ижәбараны шәыҟоуп. Уи ҳара ҳастиль иақәшәо, насгьы Аԥсны иазкны иҟалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Уи иажәақәа рыла, акоманда Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аҟынтәи ироуз ааԥхьара гәахәара дула ирыдыркылеит. «Ҳара ҳабаҩ ҳцәыласуп, ирласны ҳҽеизаҳгеит, ҳҿара ашықәсқәа ҳгәалаҳаршәарц ҳаӡбеит. Убри аан, ҳәарада агәыхыҭхыҭрагьы ҳқәыԥшра агәалашәарақәагьы ҳацуп… Ари ҳколлектив аҩныҵҟа акы иаламҩашьо аҭагылазаашьа зырҿио хҭысуп!» – ҳәа иазгәеиҭеит акаԥдан.

Сынтәа акоманда ҩынттәи аиубилеи азгәанаҭоит: акоманда аԥҵара аныҟала инаркны 25 шықәса аҵреи Иреиҳаӡоу Алига аҿы ачемпионс рыҟалара  20 шықәса ахыҵреи.  

 

 


Read 55 times - Ахәаша, 13 Рашәара 2025 17:25