Print this page
12.Рашәара.2025

Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алалырҵәон ҳәа гәҩарас ирымаз Красноиарск ақалақь аҿы инхо атәылауаҩԥҳәыс даанкылоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан дааныркылеит Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алалырҵәон ҳәа гәҩарас ирымаз 1984 шықәсазы ииз, Красноиарс ақалақь аҿы инхо аԥҳәыс. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Красноиарск инхо 41 шықәса зхыҵуа Ирина Кузьменко илыдбалан 97 грамм аметадон згәылаԥсаз аилаҳәырақәа. Ашаҳаҭцәа алархәны имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан, лара анаркотикқәа анаҩс аҭиразы ишаалхәаз лҳәеит.

Иаанкылаз лнапала амилициа аусзуҩцәа ирылҭеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар згәылаҳԥсаз аилаҳәара. Уи аҭҵааразы идәықәҵан. Аекспертцәа ишышьақәдырӷәӷәаз ала, уи зыкапан 97,351 грамм рҟынӡа инаӡо, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә  маҭәашьар ауп. 

Ишеилкаахаз ала, Ирина Кузьменко уаанӡагьы Аҟәа ақалақь аҿы маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа рыла анаркотикатә маҭәашьарқәа алалырҵәон.

Ирина Кузьменко Аҟәа маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа шыҟалҵоз шьақәырӷәӷәоуп. Аилаҳәарақәа хԥа ԥшаан Арӡынба имҩаҿы, 10-15 метра рыбжьаҵаны иҟаҵаз имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа рҿы. 

Анаркотикатә маҭәашьарқәа ахьышьҭалҵаз аҭыԥқәа рзы адыррақәа лара лкуратор иахь илышьҭуан WhatsApp ала. Аоперативтә дыррақәа рыла, анаркотикқәа рыҭиразы ари иҿыцу мҩоуп, дара аус руеит ахьӡшьара «Хоттабыч» ала, азинхьчаратә усбарҭақәа рышьҭашәарыцуеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ааексперт-криминалтә Центр иҟанаҵаз алкаа ала, Ирина Кузьменко хаҭала лгәаҭараан илыдбалази, иара убас иҟалҵаз маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа рҟынтәи иаарԥшызи анаркотикатә маҭәашьар «метадон» иааизакны акапан 102 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа ақалақь аӡбарҭа азыӡба ала Ирина Кузьменко  заанаҵтәи аусеилырагара аамҭазы дтакуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурала аусҭҵаара иацҵоуп, уи мҩаԥнагоит аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаратә ҟәша. 

 

 

 

 


Read 138 times