Print this page
12.Рашәара.2025

Баҭал Мышәба: ҳара ҳҳаирбаӷәаза аҳаиртә транспортқәа зегь рыхкқәа рыдкылара алшоит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы москвантәи иааз раԥхьатәи афизиулиаж ҭбаа змоу аҳаирплан иаԥылоз аенергетика аминистр Баҭал Мышәба ари акыр зҵазкуа хҭысуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп авизиулиаж ҭбаа змоу аҳаирплан. Уи москватәи аҳаирбаӷәаза «Шереметьево» аҟынтәи ишьҭыԥрааит.  Иара 350-ҩык апассаџьырцәа ҭоуп. Абилеҭқәа зегьы ауааԥсыреи асасцәеи атуроператорцәеи рыла иаахәан», - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла, аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны иаднакылоит ас еиԥш иҟоу звизиулиаж ҭбаау аҳаирплан.

«Иахьатәи ахҭыс ҩаԥхьа ишьақәнарӷәӷәоит ҳара ҳҳаирбаӷәаза аҳаиртә транспортқәа зегь рыхкқәа рыдкылара шалшо. Уи убасҵәҟьа иарҵабыргуеит иаҳзаауа ҳасасцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рыҟаҵаразы  аус шаҳуа», - ҳәа иазгәеиҭеит Баҭал Мышәба.


Read 114 times - Аԥшьаша, 12 Рашәара 2025 15:27