Print this page
12.Рашәара.2025

Бадра Гәынба Владимир Путин Урыстәыла Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Урыстәыла ажәлари аҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала Шәаргьы, иара убас милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәларгьы нашәыдкыланы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла амш!

Ари амш ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылара амҩа, зқьышықәсалатәи аҭоурых, иуникалтәу аҭынха символра рызнауеит. Уи есааира аҿиареи аизҳазыӷьареи рымҩа иану, мчы змоу аҳәынҭқарра акра иазҳәоуп.

Урыстәыла амш – Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа зегьы еидызкыло, аихьӡара ҿыцқәа ргәы азҭазҵо ныҳәоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарразы Урыстәылатәи Афедерациа астратегиатә еиҩызара азызуа, зыгәрагоу ҳәынҭқарроуп. 

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәыла аҿиара амҩа иану ҳажәлар ирнаҭо адгылара. Аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи шьаҭас измоу ҳаизыҟазаашьақәа ирыбзоураны ҳтәылақәа рыҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи алыршоуп.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, аҵак ду змоу абри амш азы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усураҟны, Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ахирра, аизҳазыӷьара».

 


Read 172 times - Аԥшьаша, 12 Рашәара 2025 15:27