Азакәан апроект азы аилыркаага бӷьыц аҿы ишаҳәо ала, азакәанеидкыла азинмчы аиура иаҳнарбеит уи аԥҟарақәак рынагӡара армариара азы аиҭакрақәеи ацҵақәеи рыдкылара шхымԥадатәиу. Аилатәара иалахәыз инҭырҳәцааны ирыдгалаз аиҭакрақәа ирылацәажәеит.
Рашәарамза, 2024 шықәсазы ирыдыркылаз ақалақьргыларатәи аргыларатәи азакәанеидкыла ақалақьргыларатәи аргыларатәи апринципқәа, азинтә шьаҭақәа, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рзинмчқәа, иара убас хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи ақалақьргыларатәи аргыларатәи аусура аҿы рзинқәеи рыԥхықәрақәеи алнакаауеит.
Аилатәара рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа азинтә ҟәша аиҳабы Наҭелла Ломиа, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, архитектуреи ақалақьргылареи рзы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Дмитри Цымцба, уи ихаҭыԥуаҩ Есфирь Маитоп, Аԥсны архитекторцәа Реидгыла ахаҭарнакцәа.