Print this page
11.Рашәара.2025

Алеқсандр Пушкин иажәеинраалақәа 32-бызшәала Аплошьад Ҟаԥшь аҿы ирыԥхьеит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпрессс. Рашәарамза 7 рзы Аплошьад Ҟаԥшь аҿы, есышықәса имҩаԥгахо ашәҟәытә фестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ихыркәшахеит адунеи ажәларқәа Рассамблееи Адунеизегьтәи ашәҟәыҩҩцәа Реиҿкаареи (WOW) алитература-рккаратә усмҩаԥгатәқәа рцикл. Урҭ традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, рхы аладырхәуеит «Москватәи Аԥсуа Диаспореи» «Арҿиаратә ҿар Реидгылареи» алахәыла ҿарацәа.

Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ашәҟәыҩҩ Владимир Делба ишазгәеиҭаз ала, афиналтә аккордны иҟалеит ус иуҳәар ҟалозар, «Катавасиа» ҳәа изышьҭоу ашәақәа реицынагӡареи ажәеинраалақәа реицаԥхьареи.

Адунеизегьтәи ашәҟәыҩҩцәа Реиҿкаареи (WOW) апрезидент Маргарита Аль лыпроектқәа ируаку ари афлешмоб, аԥхарра зҵоу рашәарамзатәи хәыфлбыҽхак азы Аплошьад ҟаԥшь аҿы 32-бызышәа рыла ицәажәо ажәларқәа жәпакы рхаҭарнакцәа еиднакылеит. Минуҭк иалагӡаны, зеиҳарак амилаҭтә костиумқәа зышәҵаны иааз алахәылацәа аамҭакала, доусы рхатәы бызшәала ажәеинраалақәа ирыԥхьон, ахәаԥшцәа агәахәара ду рызцәырго!

Ари акциа абызшәақәа рхыԥхьаӡарала адунеитә рекорд аҳасабала официалла ашәҟәы иҭагалан!

Уи аԥхьа мышкы шыбжьаз, А.С.Пушкин иира Амш аҽны, Адунеизегьтәи ашәҟәыҩҩцәа Реиҿкаара «Апоезиатә марафон» («Поэтический марафон») мҩаԥнагеит. Уи мҩаԥысит Тверскои бульвар аҿы, ҩышә-шықәса зхыҵуа «Пушкин иџьҵла» амҵан.  

Амарафон ахықәкы –  А.С.Пушкин дуӡӡа ипоезиа адунеи еиуеиԥшым ажәларқәа ркультура абиԥарақәа реимадарала иҿымцәаауа анырра аарԥшреи ашьақәырӷәӷәареи ауп.

Ари мрашәахәала иҩычаз амш аҽны Пушкин иџьҵла амҵан еизеит Москва амилаҭтә диаспорақәа рхаҭарнакцәеи аҳәаанырцәтәи асасцәеи Пушкин ирҿиаратә ҭынха абзиабаҩцәеи ахәыҷқәа рыцны.

Ахәыҷқәа гәахәарыла, ргәы ацԥыҳәаны рхатәы бызшәақәа рыла еиԥш, ҳәарада аурыс бызшәала апоет дуӡӡа иажәеинраалақәа ирыԥхьон. Ареспублика Аԥсны ахьӡала ибзиаӡаны иқәгылеит аиҳәшьцәа Кациаа, жәаҩа шықәса зхыҵуа Милеи быжь шықәса зхыҵуа Ариеи, иара убас ашкол аҵаҩы Анана Ҭыжәба. Аӡӷабцәа угәаҵанӡа инеиртә еиԥш еилыкка  А.С.Пушкин иажәеинраалақәа аԥсышәала иаԥхьеит.


Read 158 times - Ахәаша, 13 Рашәара 2025 17:27