Print this page
10.Рашәара.2025

Рауль Ақаҩба XII Баикалнҭыҵтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иреиӷьу актиор ҳәа далкаахеит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Чита ақалақь аҿы  XII Баикалнҭыҵтәи  жәларбжьаратәи акинофестиваль аркра ацеремониа хыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ИА ChitaMedia.

Иреиӷьу асценари азы априз, иара убас ахәаԥшцәа ргәазыҟазаара априз аиуит афильм «Ахаҵеи аԥҳәыси» («Мужчина и женщина»), асценари автор, арежиссиор Владимир Котт, Урыстәыла.

Иреиӷьу актиор ҳәа далкаахеит арежиссиор Наур Гармелиа ифильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» («Последняя цена») аҿы ихәмаруаз Рауль Ақаҩба.

Иреиӷьу актриса ҳәа далкаахеит арежиссиорцәа  Сесилиа Атани Валериа Пиватои (Аргентина Испаниа) рфильм «Ақәыԥшылара» («Поверхность») аҿы ихәмаруаз актриса  Марисель Альварес. Ари акиносахьа иара убас иреиӷьу арежессура азы априз аиуит.  

Иреиӷьу афильм ҳәа иалкаахеит арежиссиор Горан Радованович (Сербиа-Болгариа) икиносахьа «Абна аҳәынҭқар» («Лесной царь»).


Read 277 times