Print this page
10.Рашәара.2025

Таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир «Гьаргь Аиааирагаҩ Ихраҿа» Аҟәа ақалақь аҿы рашәарамза 12 – 15 рзы имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 12 – 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы имҩаԥыслоит таитәи абокс азы Иаарту Жәларбжьаратәи атурнир «Гьаргь Аиааирагаҩ Ихраҿа», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Аицлабрақәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкуп.

Ататами ахь ицәырҵуеит еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа, 10-11, 12-13, 14-15, 16-17, 18-40 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа. Иара убас атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшцәа ирзыԥшуп 6-7, 8-9 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара аинтерес зҵоу аматчтә еиԥыларақәа.

Атурнир аартра иазку аныҳәатә церемониа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп рашәарамза 12, асааҭ  19:00 рзы. Амш агәахьы ианнеилак Ахраҿа агаразы аибарххара зцу аиндаҭларақәа раламҭалазы ирылагоит заанаҵтәи аиндаҭларақәа.


Read 281 times