Print this page
06.Рашәара.2025

Олег Барцыц Сергеи Лавров иԥылара шымҩаԥысыз азы: акыр аинтерес зҵаз, гәаартыла адиалог мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара акыр хра злоу, хырҳагара злоу  алҵшәақәа аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сколлега, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Виктор-иԥа Лаврови сареи ҳабжьара акыр аинтерес зҵаз, гәаартыла адиалог мҩаԥысит. Ҳаиҿцәжәара аҿы ҳара ҳарзааҭгылеит Ареспублика Аԥсны ауааԥсыра рзы акыр зҵазкуа, актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы. Ҳара иара убас аконсултә усеицура азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, хазы ҳарзааҭгылеит ҳауаажәлар, аиҳарак аҿар ргәы иҵхо, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ҩынттәи атәылауаҩра азы Аиқәшаҳаҭра иадҳәалоу алкаақәа», – ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр арҭ азҵаарақәа аус рыдуларазы иахәҭоу ахылаԥшырҭақәа анапынҵақәа риҭеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа ахаҭарнакцәа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра еиуеиԥшым адепартментқәа рҿы аконсультациақәа мҩаԥыргоит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, «ҳаиҿцәажәарақәа рыгәҭа игылан  Кавказаахыҵи Мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықәи рҿы  ашәарҭадара азеиԥш контур аиқәырхара азҵаарақәа.  Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны азы аҵак ду змоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат.

«Жәаҳәарада, ҳара асоциал-економикатә усеицурагьы ҳазааҭгылеит, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа иахьа активла аӡыргареи аҿиареи змоу апроектқәа зрылацәажәеит», - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр аусуратә визит иалагӡаны апроблемақәа рыспектр зегьы алацәажәареи урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаареи шалыршахо азы агәрагара ааирԥшит.


Read 97 times - Асабша, 07 Рашәара 2025 22:06