Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа рашәарамза 4 рзы ахылаԥшырҭа иаҵанакуа аусбарҭақәа рҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Г. Ш. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс» даҭааит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҭаараан аминистр аобиект изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа, атуристтә дәыӷба, аҩналарҭа азал, иара убас административтә корпус ахыбрақәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит. Аҳаԥы анапхгараҭара аминистр аҩналарҭа азал аиҭашьақәыргылареи аԥшырҭа азонақәа рҭеиҭыԥш арҽеиреи рзы апроект идыргалеит.
Иара убас, хара имгакәа аҳаԥахьы уназго аихамҩақәа шьаҭанкыла рырҿыцреи реиҭашьақәыргылареи, иара убас атуристтә автотранспорт азы иназыцҵоу амашьынақәа рыргыларҭақәа рыҟаҵареи азԥхьагәаҭоуп.
Уажәы ахыбра административтә хәҭа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, араҟа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа руадақәеи аперсонал рыԥсы ахьыршьо ауадеи ыҟоуп.
Аусурақәа зегьы анаплакы ахатә харџь ала имҩаԥысуеит. Убри аан анапхгараҭара инаҵшьны иазгәанаҭеит Аҳаԥы инеиԥынкыланы егьырҭ анаплакқәа афинанстә цхыраара шырнаҭо.
Аха, мҽхакы ҭбаала аусура шымҩаԥысуагьы, уеизгьы апроблемақәа маҷымкәа иаанхоит, иаагозар, адәахьтәи афымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа еиӷьзар ҟалон. Аобиект лашарала еиқәзыршәо астанцеиҵа Хада зыԥшра ҟамҵакәа аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп. Мызкахьы бжьаратәла 45 Кв/сааҭ рҟынӡа инаӡо афымцамч ахархәара аан астанцеиҵа аҿы ишьақәгылар зылшо авариатә ҭагылазаашьа аҳаԥы аусура зынӡа иааннакылар ауеит, адизельтә генераторқәа хԥа шыҟоугьы.
Аҳаԥы адиректор Мирон Чалмаз аихамҩақәа ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны хымԥада аиҭашьақәыргылара алыршазароуп ҳәа иазгәеиҭеит. Мап анакәха, аобиект зынӡа аанкыларазы ашәарҭара шьақәгылар алшоит, уи анаплакы азы мацара адагьы абилеҭқәа рыҭира аҟынтәи алагалақәа зауа араионқәа рбиуџьетқәа рызгьы заралны иҟалоит. «Аобиект афинанстә ҭышәынтәалара еиқәырхатәуп, уи акырӡа аанагоит, ҳәа аминистр иахь ихы рханы иазгәеиҭеит адиректор. – Лассы-лассы ахатәы ԥаратә хархәагақәа разымхара ҟалоит, усҟан акредитқәа ҳгар акәхоит, уи афинанстә қәыӷәӷәара шьҭнахуеит. Убри аан Аҳаԥы еиԥырҟьам адгылараан аиҭашьақәыргылареи амодернизациеи рзы ахарџь ахала ихнаҩар алшон».
Аҳаԥы анапхгараҭареи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Афонҿыцтәи аҳаԥы 50-шықәса ахыҵра инамаданы аконкурс амҩаԥгара аԥшьыргеит.
Аконкурс абарҭ аноминациақәа рыла ишьақәгылоуп:
- Иреиӷьу ателедырраҭара;
- Акьыԥхь аҿы иреиӷьу апубликациа;
- Иреиӷьу арадиоматериал, мамзаргьы аинтернет-ҭыжьымҭа аматериал;
- Иреиӷьу афоторепортаж (апрофессионалтә фотоҭыхыҩцәа рзы);
- Иреиӷьу афотоҭыхымҭа (афотоҭыхра абзиабаҩцәа рзы).
Аминистр Аҳаԥы аколлектив иҭабуп ҳәа реиҳәеит есыҽны инарыгӡо имариам аусура азы, иара убас анапхгараҭара иалырхыз аҿиара акурс дшадгыло иҳәеит. Иара иазгәеиҭеит Аминистрра анаплакы еиҳа иҵару азҵаарақәа рыӡбараҿы есымша адгылара шанаҭало.