Print this page
05.Рашәара.2025

Аԥсны иацҵаны имҩаԥысуеит аӡахәааӡара азы атренингқәа рҵарадырратә цикл.

Аҟәа.  Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 3 – 4 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рзы арҵара-зыҟаҵаратә тренингқәа рцикл иацҵахеит. Аусмҩаԥгатәқәа аспециалистцәа рквалификациа ашьҭыхреи аҭыԥантәи аԥсабаратәи асорттәи аҷыдарақәа ҳасаб азуны аӡахәаҭрақәа рааӡараҿы ҳаамҭа иақәшәо аметодқәа рхархәара алагалареи  иазырхоу аҵара-зыҟаҵаратә цикл иахәҭакны иҟалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офис.

Азыҟаҵарақәа мҩаԥигон Жан Филипп Роби — аӡахәааӡареи аекологиеи русхкы ала еиуеиԥшым аклиматтә зонақәа рҿы шықәсырацәалатәи аусура аԥышәа  змоу иԥхьагылоу жәларбжьаратәи аексперт.

Атренинг актәи амш азы уи алахәылацәа аԥсабаратә ҭагылазаашьақәеи аарыхра ахықәкқәеи асортқәеи ирыдҳәаланы ажь аӡахәа ашьақәгылара асистемақәа радаптациа аметодқәа ҭырҵаауан. Аҩбатәи амш терруар ҳәа изышьҭоу, аҭыԥ ақыҭанхамҩа аалыҵ, ахәҭакахьала ажь, асорт аҟазшьарбагақәа алызкаауа уи ахьызҳауа аҭыԥ (арегион) аҷыдарақәеи адгьыл-климаттә факторқәеи реизак ахь азхьаԥшрала аиҭаҳатә материал адгалара иазкын. Апрограмма иалагалан атеориатә ҽазыҟаҵарақәа реиԥш, аӡахәаҭрақәа рҿы апрактикатә усуреи. Араҟа алахәылацәа аҭыԥ аҿы иҿыцу азнеишьақәа рхархәара алацәажәареи анхамҩа анагӡара аганахьала азҵаарақәа рықәыргылареи рзы алшара роуит.

«Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоу  – зныктәи аҵаратә усмҩаԥгатә амҩаԥгара акәымкәа, иарбоу аусхкы  аспециалистцәа рзы иҭышәынтәалоу аҵаратә платформа аԥҵара ауп.  Ас еиԥш иҟоу атренингқәа аҭыԥантәи аԥышәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи  реидкылара, актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара, иара убас ҳахшыҩ еилаҵаны хра злоу аӡбамҭақәа рыдкылареи рзы алшара аԥырҵоит.  Ҳара иаабоит аӡахәааӡаҩцәа рганахьала аинтерес ду шыҟоу, уи, ҳәарада, анаҩстәи аусура азы хра злоу рбаганы иҟоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит апроекттә офис анапхгаҩы Алеқсандра Смычкович.

Аусмҩаԥгатәқәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офиси Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатә Агентра (SDC) афинанстә цхыраарала инарыгӡо апроект «Иҭышәынтәалоу аӡахәааӡареи Аԥсны аендемикатә сортқәа рыхьчареи» («Устойчивое виноградарство и защита эндемичных сортов в Абхазии») аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

 

 


Read 36 times