Print this page
05.Рашәара.2025

Маиа Цыбулевскаиа Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш, абжьаратәи, азанааҭтәи аҵарадырра аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусбарҭаны еиҭеиҿкаау Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш, абжьаратәи, азанааҭтәи аҵарадырра аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит Маиа Цыбулевскаиа.

Аминистр Хана Гәынба аколлектив анапхгаҩ ҿыц дыдлырдырит, ари аҩыза аиҭакрагьы шьаҭас иамаз далацәажәеит.

Аминистр лажәақәа рыла, аусбарҭа аиҳабы изинмчы аминистр ихаҭыԥуаҩ изинмчы иарҟарахоит. Уи еиҳа иуадаҩу ахыдҵақәа рынагӡара алнаршоит.

«Ари аҩыза апрактика аибашьра ҟалаанӡа аҭыԥ аман, уи аеффективрагьы аарԥшын», – ҳәа илҳәеит Хана Гәынба.

Маиа Цыбулевскиа арҵаҩратә усура аԥышәа ду лымоуп: лара 18 шықәса ашкол аҿы аус луан,  16 шықәса ААУ аҿы аус луеит. Лара иара убас быжь шықәса инареиҳаны аҵара Аминистрра аҿы аус луеит.  

Маиа Цыбулевскаиа – анапхгаҩцәа рконкурс «Аԥсны Акоманда» аҿы аиааира лгеит.  

 

 


Read 41 times