Иарбоу аамҭа азы иԥсаххеит:
- 5 нызықь инареиҳаны аихабетонтә шпалақәа;
- 4 нызықь инареиҳаны амҿытә шпалақәа;
- астанциа Кьалашәыр аҿы зынаӡара 300 метра рҟынӡа инаӡо арельсшпалатә еихыршь;
- Акацар «Бзыԥ-Мысра» аҿы зоура 800 метра рҟынӡа инаӡо еиужьу амҩа шьақәзыргыло еизаку еиларҭәоу арельс.
«Иара убас есыҽны аҭыԥантәи абригадақәа рыла, урыстәылатәи аспециалистцәа радыԥхьаларала арельсшпалатә еихыршьқәа ршәара-зара, рыриашара, (рҭаҽылара), рырҽеира иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуан», – ҳәа иазгәеиҭеит Арсоу Ҷыҭанаа.
2024 шықәсазы ирыԥсахит 84 цыра адефект змаз арельсқәеи аиԥшьратә быжьккарақәа рырманшәалара азы 54 цыра арельсқәеи, аихамҩатә станциақәа Цандрыԥшьи Гагреи аихацтә аиагагақәа дырҿыцит, акацарқәа Ԥсоу-Цандрыԥшьи Гагра-Бзыԥи ҿыц абӷанҷ ықәрыԥсеит.
Есышықәса аидарамҩангара амҽхак аизҳареи иҿыцу апассаџьыртә дәыӷбақәа рмашрутқәа раартреи инамаданы иааизакны аихамҩатә комплекс ақәыӷәӷәара иацлоит, аха Аԥснытәи Аихамҩа аҿы аихамҩа ахаҭабзиара иахәҭоу аҩаӡараҿы аанкылара иазхиоуп.