Print this page
03.Рашәара.2025

2025 шықәса, ԥхынгәымза 26 рзы 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аилатәара.

Аилатәара аҿы ишьақәырӷәӷәан 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра амҩаԥгара арыцхә. Алхрақәа мҩаԥгахоит  – ԥхынгәымза 26, 2025 шықәса рзы.

Алхратә комиссиа Хада алахәхылацәа иара убас 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу ихадоу аусмҩаԥгатәқәа рымзартә план шьақәдырӷәхӷәеит.

Ҽҳәараанӡа алхрақәа рымҩаԥгара ԥхынҷкәынмза  19, 2024 шықәсазы Апарламент ахыбраҿы иҟалаз ахысраан адепутат Вахтанги Голанӡиа иҭахара иадҳәалоуп.  

Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәсазы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы акриптовалиута аамаининг азы аиқәыршәагақәа рхархәара ақәиҭымтәразы азакәан апроект алацәажәара иазкны имҩаԥысуаз аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы Апарламенттә Еилакы аилатәараан адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Адгәыр Ҳаразиеи аимак-аиҿак рыбжьалеит. Адгәыр Ҳаразиа имаз абџьар ала изныкымкәа дхысит. Адепутат Вахтанги Голанӡиа игәашԥахьы арымарахьала ахы иаахеит. Уи иоуз ахәрақәа ирыхҟьаныв иԥсҭазаара далҵит. Кан Кәарҷиа ихи иарма жәҩахыри рганахьала ахәрақәа иоуит.  

 

 

 

 


Read 271 times - Аҩаша, 03 Рашәара 2025 21:10