Даара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ахәыҷқәа рааӡареи еизҳауа абиԥарақәа рыхьчареи есҽны зхы-зыԥсы адызҵо, зыԥсҭазаара иасимволны изыԥхьаӡо, иара убас ахәыҷқәа рыгәцаракра, зҿлымҳарыла рызнеира баҩхатәраны излоу зегьы. Шәара шәхамеигӡара ҳмилаҭ аԥхьаҟатәи рԥеиԥш шьаҭас иамоуп.
Ахәыҷқәа - ҳара уаҵәтәи ҳԥеиҧш ауп. Урҭ рыҟны ҳара иаҳбоит ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара, ҳҵасқәеи ҳгәыӷрақәеи зцу аԥсҭазаара, уи зеиӷьыҟам ҳамҭоуп. Ҳара дарбан хәыҷызаалак абзиабареи азҿлымҳареи иманы изҳаларц азы, аҵарадырра ҳаракы иаурц, игәы бзиазарц, илоу ибаҩхатәра аӡыргара илшарц азы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ақәҿиарақәа. Аԥсны атәылауаа қәыԥшцәа, ҿыц агылара иаҿу абиԥарақәа - агәабзиара, агәамч, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара. Шәымшқәа зегьы гәырӷьарылеи иҿыцу аартрақәеи рыла иҭәызааит!