Print this page
27.Лаҵара.2025

Ҭарашь Ҳагба «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» Ахылаԥшратә хеилак аилатәара далахәын.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба автономтә икоммерциатәым Аиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» Ахылаԥшратә хеилак аилатәара далахәын.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ихантәаҩрала ари аусмҩаԥгатә Москватәи Акремль Екатерининтәи азал аҿы имҩаԥысит. Араҟа аплатформа быжь-шықәса ирҭагӡоу аусура аихшьаалақәа ҟаҵан.

Апроект «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусԥҟала лаҵарамза 22, 2018 шықәсазы иаԥҵан. Уи аусура аамҭа  иалагӡаны  ихацыркын 60 инареиҳаны апроектқәа, аконкурсқәеи аолимпиадақәеи уахь иналаҵаны.

Убас, аплатформа ацхыраарала имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп аицлабра «Аԥсны акоманда». Уи «Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа» амодель ала инагӡан. Иара хацыркын Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин инапынҵала, уи азы аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба.

 


Read 104 times