Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи роперативтә маҵзурақәа Апарламент аҿы адепутат Вахтанг Голанӡиа ишьреи адепутат Кан Кәарҷиа ихәреи зыхҟьаз ахысра ҟазҵаз Адгәыр Ҳаразиа иԥшаара иаҿуп, ҳәа иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Иалацәажәеит иара убас Аҟәа ақалақь аҿы лаҵарамза 9 рзы иҟалаз атәылауаҩ Гарри Аҩӡба ишьра иадҳәалаз ацәгьоура ала заанаҵтәи аусеилыргареи ацәгьоура иалахәыз зегьы рыԥшаареи раанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахада Дмитри Дбар атәыла аоперативтә маҵзурақәа зегьы русеицуреи ихымԥадатәиу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы ианаамҭоу рымҩаԥгареи иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Апрокурор Хада аоперативтә маҵзурақәа русура арӷәӷәареи имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьеи рылҵшәақәеи рзы адыррақәа ианаамҭоу аҟаҵареи рзы ааԥхьара ҟаиҵеит.