Print this page
27.Лаҵара.2025

Кавказтәи аинвестициатә Форум аҿы Аԥснытәи астенд даҭааит Урыстәыла анапхгара ахада Михаил Мишустин.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Кавказтәи аинвестициатә Форум аҿы Аԥснытәи астенд даҭааит Урыстәыла анапхгара ахада Михаил Мишустин.

Уи диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Иара Михаил Мишустин Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара апроект иирбеит.

«Аԥсны аекономика хра злоу аҿиара амоуп, ахәҭакахьала Урыстәыла анапхгара адгылара иабзоураны», — ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Кавказтәи аинвестициатә Форум ахы аланархәхуеит. Ареспублика афорум аҭааҩцәа ирыднагалеит аԥснытәи аҭыжьыҩцәеи аарыхыҩцәеи раалыҵ, иара убас Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара аинвестициатә проект.

Иацы астенд иаҭааит Урыстәыла анапхгара ахада ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Округ аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ахала иҷыдалкаатә хаҭарнак Иури Чаикеи.  


Read 99 times