Print this page
27.Лаҵара.2025

Акриптовалиута арҳара иазкыз 72 цыра аппарат ԥшааны ирымырхит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәша аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи лаҵарамза 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит  еиуеиԥшым ахьӡқәа змаз акриптовалиута арҳара иазкыз 72 цыра аппарат. 5 аппаратк афымцацәаҳәа иаҿакын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Берулава П.Г. итәыз арҭ аппаратқәа шьақәыргылан Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе лымҩала игылоу аҩнеихзагыла аҿы.

Аԥсныҟа заагара азин ыҟам амаининг азы амаругақәа рымхра мҩаԥган.

Ари аус аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргареи рыҟәша ахь инашьҭуп. 

 

 


Read 101 times