Иназыцҵоу ацҵа зцу атәанчахәы ахышәа-ҵышәа абас ишьақәгылоит:
– ацҵа ҳасаб азурала ақәразы атәанчахәы – 5000 мааҭ;
– аџьашықәс азы атәанчахәы – 4700 мааҭ;
– аҳаҭыртә хьӡы: «жәлартә», «зҽаԥсазтәыз» змоу – 5500 мааҭ;
– адгьыл аҵан аус зуаз (ашахтиорцәа) – 4500 мааҭ;
– аџьа аинвалидцәа:
I агәыԥ – 4900 мааҭ;
II агәыԥ – 4800 мааҭ;
III агәыԥ – 4650 мааҭ;
– аныҟәгаҩ дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа:
Аныҟәгаҩ дзыԥхаз исоциалтә тәанчахәы (СПК) (1000) – 5000 мааҭ;
Аныҟәгаҩ дзыԥхаз исоциалтә тәанчахәы (СПК) (700) – 4700 мааҭ;
– Ани аби дызмам аиаҭымцәа – 8000 мааҭ;
– қәрала асоциалтә тәанчахәқәа – 4100 мааҭ;
– аинвалидра азы асоциалтә тәанчахәқәа – 4100 мааҭ;
– ихәыҷы аахыс аинвалидра змоу ртәанчахәқәа:
16 шықәса зхымҵыц – 6000 мааҭ;
I агәыԥ иаҵанакуа – 6000 мааҭ;
II агәыԥ иаҵанакуа – 5500 мааҭ.