«Иахьатәи амш азы автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» Ареспублика Аԥсны иаԥну аҳәаа аҿы уаҳа зда ыҟам, ихадоу пунктны иҟоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы уи иахысит 2,8 млн. рҟынӡа атранспорттә хархәагақәа, реиҳарак амашьына ласқәа роуп. Аҳәаахысратә Ҭыԥ аушьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла 1500 атранспорттә хархәагақәеи 28 000-ҩык ауааи.
2022 шықәсазы араҟа амашьына ласқәа рзы иназыцҵоу ҩ-цәаҳәак шьақәыргылан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра асаит. Уажәы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҿы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Урыстәыла аҳәынҭқарратә експертиза Хада аҟынтәи ақәыршаҳаҭратә лкаа аиура ашьҭахь уаҟа ирылагоит ареконструкциа, уи «Росгранстрой» ахылаԥшрала имҩаԥыслоит, ихыркәшахароуп 2027 шықәсазы.
Ареконструкциа ашьҭахь Аҭыԥ уахыки-ҽнаки рыла аушьҭратә лшара 14 нызықь рҟынӡа атранспорттә хархәагақәеи 80 нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит. Автомашьынақәа рзы ацәаҳәақәа рхыԥхьаӡара 25 рҟынтәи 28 рҟынӡа инаӡалоит. Иазԥхьагәаҭоуп 8 цәаҳәак рҿы аамҭакала 80 рҟынӡа амашьына ласқәа рышәҟәҭагалара амҩаԥгара (40 алҵразы, 40 аҭаларазы), аидарамҩангагатәи апассаџьартә транспорттә хархәагақәеи ҳасаб азурала – 1 транспорттә хархәагак алҵреи аҭалареи рзы.