Print this page
28.Лаҵара.2025

Аминистрцәа Реилазаараҿы Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара иазку 2025 шықәсазтәи апрограмма шьақәдырӷәӷәеит .

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара иазку 2025 шықәсазтәи апрограмма шьақәдырӷәӷәахеит. 2025 шықәсазы апрограмма иазоужьхоит 326 млн. мааҭ.

Апрограмма иалахәылацәахар рылшоит: атуризм, ауаажәларратә крыфара, ааглыхра аусхкқәа рҿы аус зуа анаплакыҩцәа. Урҭ рнаплакқәа реиҭарҿыцразы, ма аҿыцқәа раԥҵаразы ирҭаху амаругақәа раахәара иақәдырӡуа ахарџь рзыршәоит.  

Апрограмма афинансыркра ахыҵхырҭаны иҟоуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа. Урҭ рахьтә 200 миллион ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоушьҭуп, 126 миллион — Урыстәылатәи афинанстә цхыраароуп, ҳәа иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Афинанстә дгылара аҳасабала иазоужьхо асубсидиақәа хыхь иарбоу аусхкқәа рынагӡара азы аиқәыршәагақәа раахәара азы иҟалаз ахарџьқәа рхарҭәаара азы аҳәынҭқарратә финанстә дгылара ахь иазырхахоит.

Апрограмма аихшьаалақәа рыла иззыԥшу алҵшәақәа:

– 300 рҟынӡа апроектқәа амҽханакуеит,

– 100 инареиҳаны иҿыцу аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара иацхраауеит,

– ашәахтәқәа рҟынтәи ахашәалахәгьы аизырҳара иацхраауеит ҳәа иазыԥшуп.

Апрограмма ала иазԥхьагәаҭоуп асубсидиа ҳасабла иазоужьхо аԥарақәа хықәкыла рныхра ахьынӡазалыршо ахылаԥшра аҭара иазку ауснагӡатәқәа.

Уажәазы Апрграмма анагӡара алагара азы аиҿкааратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.

Апрограмма афинансыркра амҩаԥысшьа, алкаара амеханизмқәа, иара убас алахәхаразы иаҭаху аконсультациақәа роиура азы адыррақәа хазы ирылаҳәахоит.

Аҳәынҭқарратә программа алахәхара, асубсидиақәа раиура, апрограмма алахәхаразы апретендентцәа аконсульациақәа рыҭара аамҭеи аҭыԥи, уҳәа рзы аинформациа хара имгакәа ирыҭахоит. 

 


Read 118 times