Print this page
29.Лаҵара.2025

Бадра Гәынба Сергеи Багаԥшь Џьгьарда ақыҭан иԥсыжырҭа аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь (04.03.1949 - 29.05.2011шш.) ҳаҭырла дыргәаладыршәеит иахьа Џьгьарда ақыҭан.

Агәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Валери Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Очамчыра араион ахада Алхас Кациа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

С. У. Багаԥшь иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит 63-шықәса дшырҭагылаз лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы. Сергеи Багаԥшь Урыстәылатәи Афедерациа Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа №83 аҿы дышьҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәаргылан Аԥсны Ахада ирыԥҳа акиба шамаз.

Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ирыԥҳақәа рҿы иҟаҵаз аԥҟара ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны  лаҵарамза 27 ауха игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа идунеи иԥсахуеит.

Сергеи Багаԥшь анышә дамадоуп Очамчыра араион, иқыҭа гәакьа Џьгьарда иани иаби рывараҿы.

 

 

 


Read 166 times - Ахәаша, 30 Лаҵара 2025 10:35