Аилатәара аҿы акомиссиа аусура ихадоу ахырхарҭақәа алкаахеит:
– атәылауаа адгылара рыҭаразы аиҿкаара-зинтә уснагӡатәқәа рынагӡара азы ажәалагалақәа реиқәыршәара;
– Урыстәылатәи Афедерациа акомпетенттә усбарҭақәа рымадареи аус рыцуреи аиҿкаара;
– Асоциалтә еиқәыршәара аусхкы аҿы азакәанԥҵара аилагара азы Урыстәыла иахьаҵанакуа аҭакԥхықәра иақәыршәаз Аԥсны атәылауаа рзы адыррақәа реизгареи рсистематизациеи аиҿкаара.
Анапхгарабжьаратәи аусуратә гәыԥ раԥхьатәи аӡбамҭақәа иреиуахеит “аимадаразы еиԥырҟьам ацәаҳәа” аԥҵаразы аӡбамҭа. Уи ала иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз атәылауаа ацхырааразы иадҵааларц рылшоит. Уи ала Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа аҭакԥхықәра ақәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рыла аконсультациеи азинтә цхыраареи раиура алыршахоит.