Print this page
26.Лаҵара.2025

Ақыҭанхамҩа акомиссиа зхарџьԥса 130 млн. рҟынӡа инаӡо апроектқәа ирықәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 26 рзы ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы иахәаԥшны иалыркааит анапхгаратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара - 2025» аҳәаақәа ирҭагӡаны зфинансыркра мҩаԥгахо  апроектқәа.

Зынӡа иалаҵан 487 проект, урҭ иааизакны рхарџьԥса 292 млн. мааҭ иреиҳауп, убри аан  2025 шықәсазы апрограмма азы ареспубликатә биуџьет аҿы  иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ.

– Гагра араион аҿы иалаҵан 11 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ – 7 946 250 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Гәдоуҭа араион аҿы иалаҵан – 152 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ –79 685 861  мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Аҟәа араион аҿы иалаҵан – 42 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ – 29 374 208 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Гәылрыԥшь араион аҿы иалаҵан – 20 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ – 13 589 700 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Очамчыра  араион аҿы иалаҵан – 213 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ – 124 181 219 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Ҭҟәарчал араион аҿы иалаҵан – 35 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ – 23 721 224 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Гал араион аҿы иалаҵан – 14 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ – 14 402 999 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Анапхгаратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара - 2025» анагӡара азы акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Ҭеваз Ачба иажәақәа рыла, апрограмма алахәхаразы иқәгылоу ахыдҵақәа ирықәшәаӡом 40 проект, урҭ рхарџьԥса аицҵалыҵ 24 734 450 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Акомиссиа ахь инашьҭуп  447 проект, урҭ рзеиԥш харџьԥса аицҵалыҵ 269 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Акомиссиа изықәшаҳаҭхаз апроектқәа рхарџьԥса аицҵалыҵ 130 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  


Read 322 times