Print this page
22.Лаҵара.2025

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 22 рзы Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы 9-тәи, 4-тәи аклассқәа роушьҭымҭацәа рзы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Ахәыҷқәа ирыдныҳәаларц арахь иааит аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа ахаҭарнакцәа, ашкол анапхгараҭара, арҵаҩцәа, аушьҭымҭацәа рҭаацәа.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аартуа, ааӡатә ҟәша азы адиректор ихаҭыԥуаҩ Асҭанда Анҭиа иазгәалҭеит:

«Жәы-шықәса раԥхьа ҳара зегьы ҳашкол аҿы ҳаиднакылеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы. Ҳазнысыз амҩа мариамызт, аха уи аинтерес аҵан. Шәара ҳара ҳзы ари аамҭа иалагӡаны даараӡа иҳазгәакьоу уааны шәҟалеит».

Ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл убасҵәҟьа аԥхарра аҵаны ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит абжьгарақәагьы рылҭеит. Уи ашкол арҵаҩцәа зегьы рҵаҩцәа рзы ианакәызаалакгьы абжьгареи аҩызареи иазхиоу уааны иаанхоит ҳәа  инаҵшьны иазгәалҭеит.

«Ашкол алгара  – уи, жәаҳәарада, аԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа етапны иҟоуп, аха уи иаанагаӡом класск еицалгаз, арҵаҩцәеи дареи, мамзаргьы ашколи дареи реимадара аиԥҟьара. Ҳара ҳагәқәеи ҳашкол ашәқәеи есымша иаартызаауеит Шәара шәзы.  Шәаԥхьаҟатәи шәыԥсҭазаара ахҭыс бзиақәеи аидеиа шьахәқәеи рыла игәылҭәахааит», – ҳәа азеиӷьашьара ҟалҵеит лара.

Аушьҭымҭацәа рахь лхы рханы анык леиԥш лыбзиабара аарԥшуа дықәгылеит урҭ раԥхьатәи рырҵаҩы Ирина Квасиа.

«Сара ибзианы исгәалашәоит шәара шәхәыҷқәаны ашкол ахь шәшьаҿа шеихыжәгаз, исгәалашәоит актәи акласс аҵаҩцәас шәаныҟаз инаркны шәҩеидасцыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа адыррақәа шшәырҳалоз», – ҳәа илҳәеит лара. Уи аушьҭымҭацәа «бзиарас иҟоу зегьы», агәыӷра бзиақәа, гәаартыла ирзыҟоу ауаа рааигәара иҟазарц, ахиреи аманшәалареи»  рзеиӷьалшьеит.

Аушьҭымҭацәа рыкласстә напхгаҩы Мадина Логәуа, лгәы хыҭхыҭуа, лгәи лылаӷарӡи еилаҵәо лҵаҩцәа дрыдныҳәалеит, урҭ иахьарнахыс изныло аԥсҭазааратә мҩа ду аҿы ирзеиӷьалшьеит аманшәалара, ақәҿиарақәа, агәахәтәыеихьӡара.  

«Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы – ари аамҭак ала иагьныҳәоуп, иара убас акыр шықәса инеиԥынкыланы  рхатәы ҩны ирзаҩызаз, адыррақәа рызҭаз, аҩызцәа ахьдырҳаз, ауадаҩрақәа риаара дзырҵаз ашколи дареи реиԥырҵра иамшны иҟоуп. Мҩамш!» – ҳәа илҳәеит лара.

4-тәи акласс аҵаҩцәа, раԥхьатәи рырҵаҩы Нино Арчваӡеи алагарҭатә школи бзиала ҳәа раҳәо, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ашәа рҳәеит, амилаҭтә кәашарақәеи ҳаамҭазтәи акәашарақәеи нарыгӡеит.

Аушьҭымҭацәа рҭаацәа рыхьӡала ашкол аусзуҩцәа рахь лхы рханы аџьшьаратә ажәахә ҟалҵеит Иана Романова. Уи ашкол арҵаҩратә коллектив зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит дара рхәыҷқәа рааӡараҿы иаадырԥшуаз ачҳареи агәцаракреи аҟәышреи ахарахәыцреи зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы. Лара иара убас иазгәалҭеит ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ари ашкол аҿы ирхыргаз ашықәсқәа наунагӡа ргәалашәараҿы ишаанхо.

Анаҩс 9-тәии 4-тәи аклассқәа роушьҭымҭацәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи авиниеткақәеи ранаршьеит. Иара убас ааӡареи аҵареи рус аҿы рлагала азы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит арҵаҩцәагьы

Аныҳәатә хәҭа ашьҭахь имҩаԥысит аҵаҩцәа рықәгыларақәеи аушьҭымҭацәа инарыгӡаз аиԥырҵратә вальси. Аныҳәа ахыркәшамҭаз игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.

 

 

 


Read 292 times