Print this page
22.Лаҵара.2025

К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә алицеи-интернат сынтәа иалгеит жә-ҩык аушьҭымҭацәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьаша, лаҵарамза  22 рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә алицеи-интернат аҿы. Аҳәынҭқарратә гимн арҳәарала Аԥсны абираҟ анышьҭырх ашьҭахь, ашколхәыҷқәа, аҭаацәа, арҵаҩратә коллектив рҿыԥхьа дықәгылеит ари аҵараиурҭа адиректор Лариса Қаԥба. Лара аушьҭымҭацәа ирзеиӷьалшьеит аԥышәарақәа қәҿиарала рыҭира, раԥхьаҟа рнапы зларкраны иҟоу азанааҭ алхраан аманшәалара, иара убас ирабжьалгеит рҵара ашықәсқәа раан шаҟа џьабаа рыдбалоу, рганахьала иаарԥшыз агәцаракреи абзиабареи ртәы рхамышҭларц. Ацеремониа иацҵахеит аҵареи аспорти рҿы аихьӡарақәа рзы адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьарала. Алицеи-интернат адәы еиуеиԥшым аԥшшәхәы змаз анкьаԥышҭақәа рыла иҩычан. Ауарҳалтә мҩахәасҭа ҟаԥшь ала аныҳәатә цәаҳәақәгылара ахь инеиуан аҵаҩцәа.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы – ари еиуеиԥшым ацәаныррақәа узцәырызго аныҳәа ауп. Ашкол аушьҭымҭацәа  агәырӷьареи иҿыцу алшарақәа разыԥшреи, агәыхыҭхыҭреи акыр зҵазкуа рыԥсҭазаара аетап шынҵәо аилкаареи аностальгиеи рыла зҽеиҭныԥсахуа ацәаныррақәа  еимдырххоит. Аҭаацәа ракәзар, иагьа ирцәыуадаҩзаргьы рхаҿы иааргоит рхәыҷқәа шазҳаз. Иацы акәызшәа уи аныҟаз, раԥхьаӡа ашкол ахь рнапы ианкны иааргаз згәы-хыҭхыҭуаз, рыблақәа ҭырхаха раԥхьатәи рырҵаҩы илыхәаԥшуаз рхәыҷқәа иахьа иҿыцу аԥсҭазарахь ршьаҿа еихыргоит. Раԥхьаҟа урҭ ирзыԥшуп иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалара, азанааҭ аиура, аԥсҭазаара амҩа ду.

Хазы иҳәатәуп арҵаҩцәа ртәы. Азнаказы угәы иаанагоит урҭ рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы изышьцылахьоу, абжьааԥны есышықәса имҩаԥысуа усмҩаԥгатәны иҟоуп ҳәа. Аха мап. Уи, дара арҵаҩцәа рхаҭақәа ишырҳәо ала, акыр шықәса аҵара здырҵоз ахәыҷқәеи дареи реиԥырҵра ашьцылара залыршахом, уи дара рзы акыр иуадаҩуп. Аиҳарак уи зцәыуадаҩу зҵаҩцәа рзы анык, мамзаргьы абык ирзаҩызахо акласстә напхгаҩцәа роуп. Аушьҭымҭацәа ашкол ааныжьны ианцалак ашьҭахь, ашкол аклассқәеи акоридорқәеи, ааигәа урҭ рыбжьы, рыччабжь зыҩныҩуаз,  акыр аамҭа иууаӡа, иҭацәушәа убоит.  Аха аԥсҭазаара ҭыԥк аҿы игылаӡам, цәыббрамзазы аҵаҩ ҿыцқәа рабадырра мҩаԥысуеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә алицеи–интернат аҭоурых ду змоу ҵараиурҭоуп. Ԥхынҷкәын 6, 1960 шықәса рзы иаартын К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат. Аинтернат аартра еиҵагылоз аҿар рзы илашарбаган, адырра ҿыцқәа ируасхырын. Аинтернат аартра хҭыс духеит. Уи раԥхьатәи напхгаҩыс дыҟан еицырдыруа арҵаҩы Леила Николаи-иԥҳа Ачба. Лара лыбзоурала еиҿкаан ззанааҭ бзианы издыруаз арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи рколлектив. Еиҿкааз аколлектив имҩаԥыргон ааӡаратә усура ду, уи алагьы аҵара зҵоз ахәыҷқәа ари аинтернат аҩбатәи рыҩнеиԥш иазыҟан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан, аинтернат аушьҭымҭацәа аӡәк еиԥш еидгылеит, рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 68-ҩык ааӡаҩцәа, 11-ҩык ирыхҵоуп «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ.

Ишеилкаахаз ала, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы – даара иажәу традицианы иҟазаап. Иҟоу адыррақәа рыла, уи раԥхьаӡа акәны имҩаԥган лаҵарамза 25, 1948 шықәса рзы. Аныҳәа аидеиа зызцәырҵыз краснодартәи ашкол №12 адиректор   Фиодор Бриуховецкии Москва ақалақь Коминтернтәи араион ашкол № 182 адиректор Георги Асееви роуп. Абарҭ аҩ-школк рҿы раԥхьаӡа акәны иазгәаҭан аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы иазкыз аныҳәа. 1971 шықәсазы иара аофициалтә школтә усмҩаԥгатәқәа рсиа иаларгалеит.  

 

 

 

 

 


Read 138 times