Print this page
22.Лаҵара.2025

Владимир Делба: «Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы – ари уԥсҭазаараҿы ахаангьы иухамышҭуа хҭысны иаанхоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла  аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны ашкол аушьҭымҭацәа аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рыдиныҳәалеит ҳәа иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ашкол аушьҭымҭацәа!  Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы – ари шәыԥсҭазаараҿы ахаангьы ишәхамышҭуа хҭысны иаанхоит. 11 шықәса ашколтә ԥсҭазаара шәышьҭахьҟа иншәыжьит. Шәҵара ацҵаразы иахәҭаз адыррақәа шәоуит. Ҳтәыла ззанааҭ бзианы издыруа акадрқәа аҭахуп, уи аганахьала шәара ҳшәықәгәыӷуеит», - ҳәа иаҳәоит атекст аҿы.

Агәра ганы сыҟоуп шәара ибзианы аԥышәарақәа шышәҭиуа, анаҩс адырра ҿыцқәа раиуразы иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы шәҵара ишацышәҵо.

Владимир Делба еиҵагыло абиԥарақәа разыҟаҵараҿы арҵаҩцәа русура иамоу аҵакы азгәеиҭеит.

Ҳаҭыр ду зқәу арҵаҩцәа!

Ахә ашьара уадаҩуп шәара еиҵагыло аҿар рааӡареи рҵареи аҿы ижәбо аџьабаа. Агәра ганы сыҟоуп урҭ шәџьабаа ишаԥсахо».

Ашкол аушьҭымҭацәа рыԥсҭазаара аҿы иахьарнахыс иҟало аетап ҿыц рыдныҳәало, Владимир Делба урҭ агәабзиара, анасыԥ, аҭынч ԥсҭазаара рзеиӷьаишьеит.

«Шәҿаԥхьа иҳараку ахықәкқәеи ахыдҵақәеи ықәшәыргылала, урҭ хьаҳәа-ԥаҳәарада рынагӡара алшәыршала, ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәыцзааит есымша!», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

 


Read 131 times