Print this page
22.Лаҵара.2025

Арт-терапиа Аԥсны: апаҷҟәалеи аӡы ацәықәбарқәеи зыҿиара хьысҳау ахәыҷқәа иахьынӡарыцхраауа.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ф-раионк рҟынтәи арҵаҩцәа аонлаин-проект «Море творчества» аҿы арт-терапиа аметодқәа ҭырҵаауеит. Урҭ ироуз аԥышәа иаразнак апрактика аҿы згәабзиара алшарақәа ԥку (Зыҿиара хьысҳау) ахәыҷқәа рҿы ахархәара арҭоит.

Аԥсны иҟоу Аурыс Ҩны иҟанаҵо адыррақәа рыла, арҵаҩы инапхгарала ахәыҷқәа апаҷкәаламкәа рыла еиуеиԥшым асахьақәа ҭырхуеит. Уи ахәыҷы исахьашьара аҿиара бзиа анаҭоит. Акынхәҵәы ала кәармак аӡы аҭҳәарала асахьанҵа алухыр алшоит, иара убри ала зыҿиара хьысҳау ахәыҷы аемоциалатәии асенсортәи аҿиара рганахьала уицхраар ауеит.   Аплионкеи ашәыгақәеи рыла «ишәҭыкакаҷуа адәқәа» азурҳар ауеит, иара убри ала ахәыҷы иматорика маҷи аԥшшәқәа ргәынкылареи рганахьала имоу алшарақәеи еиӷьутәыр ауеит.

Аметодика зыҿиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ирылоу аҟыбаҩ ацәыргареи рхы аԥышәареи ргәы ашьҭыхреи рҿы ицхырааӡаны иҟоуп. Арт-терапиа урҭ рзы баша урокны акәымкәа, алшарақәа рдунеи ахь иссиру ныҟәараны иҟалоит.


Read 133 times