Аминистр аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа рнапы зларкуа аусқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьалшьеит.
Ашкол адиректор Нонна Делба убасҵәҟьа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало раԥхьаҟа акыр зҵазкуа аетап шырзыԥшу, зегьы гәык-ԥсыкала ақәҿиарақәа шырзеиӷьалшьо азгәалҭеит.
«Ашкол – ари дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аамҭа ауп. Араҟа ахәыҷқәа раԥхьаҟа анаҩстәи рҵарадырра азы ишьаҭаны иҟало ихымԥадатәиу адыррақәа роуеит, араҟа дара тәылауааны иҟалоит. Аҭаацәеи ашколи ахәыҷқәа ирыларааӡоит иреиӷьоу аҟазшьақәа: аиашара, ақьиара, аџьа абзиабара, аҭакԥхықәра», – ҳәа илҳәеит Нонна Делба.
Амаҭәартә олимпиадақәа ирылахәызи аиааира згази аҵара аминистр Хана Гәынба аҳаҭыртә шәҟәқәа раналшьеит.