Аушьҭымҭацәа рзы ашкол арҵаҩцәеи адиректори рҟынтәи ирацәаны азеиӷьашьарақәеи абжьгарақәеи ҟаҵан.
Ахәҭакахьала, аушьҭымцәагьы ашкол адиректори арҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит 11 шықәса аҵара дзырҵоз, рааӡара знапы алакыз, аџьабаа маҷымкәа ирыдызбалаз рырҵаҩцәеи рышкол адиректори.
«Сара сгәырӷьоит, сыгәгьы хыҭхыҭуеит, избан акәзар зегьы угәы арԥшаауеит. Араҟа сара аҩызцәа сырҳаит. Аха сара агәра ганы сыҟоуп ҳаԥхьаҟа аҵара ахьаҳҵало ауниверситет ахьыҟало иарбан қалақьзаалакгьы иадҳәаламкәа, ҳара есымша аимадара шҳабжьазаауо, ҳшеибабало, ҳшеидгылало, ашколгьы ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом», - ҳәа лцәаныррақәа ртәы еиҭалҳәеит 11-Г акласс аушьҭымҭа Анастасиа Наҟоԥиа.
Ашкол аҿы хҩык аушьҭымҭацәа - Наала Бжьаниа, Алиса Быҭәба, Анна Аҩӡба ахьтәы медал аиуразы иқәгылоуп. Урҭ иранашьахеит аԥаратә ҳамҭақәа 50-50 нызықь мааҭ.