Print this page
20.Лаҵара.2025

Аҿартә парламент адепутатцәа ралхразы акомиссиа аԥҵоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Аҿартә парламент адепутатцәа ралхразы есымша аус зуа акомиссиа аԥырҵеит, уи ахыԥхьаӡаратәии хьыӡҳәалатәи аилазаара шьақәдырӷәӷәеит.

Акомиссиа аилазаара иалалеит:  

– Бебиа Венори – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы Аилак ахантәаҩы;

– Саӡба Инар – аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи  адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәа русқәеи рзы Аилак ахантәаҩы;

– Аиба Рашида – асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы;

– Агрба Дауҭ – аекономикатә ҿиареи аусдкылара азгылара аҭареи рзы Ауаажәларратә Палата Акомиссиа ахантәаҩы;

– Цаа Лана – Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иԥхьагылоу аиуристконсул.        


Read 73 times