Print this page
20.Лаҵара.2025

Адгәыр Агрба Аԥсны апрокурор хадас дшьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара Аԥсны апрокурор хадас икандидатура шьақәнарӷәӷәеит Адгәыр Агрба.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Адгәыр Агрба икандидатура рыдигалеит мшаԥымза 22 ҳазҭоу ашықәс азы. Апрокурор хада имаҵура дарҭоит ма дымырхуеит Жәлар Реизара аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз абжьгарала, ҿҳәарала хәышықәса ҳәа.

Адгәыр Агрба — апрокурор хадас дыҟан 2019 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны.

****

Адгәыр Ныгәзар-иԥа Агрба диит ажьырныҳәа 15, 1981 шықәса рзы.

1998 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол  №19.

2005 шықәса рзы ААУ, аҭоурых-зиндырратә факультет,  «азакәандырра» азанааҭҵара далгеит.

Лаҵарамза 25, 1999 шықәса инаркны мшаԥымза 17, 2001 шықәсанӡа – Ареспублика Аԥсны Арбџьармчқәа р-ы ирратә уалԥшьа наигӡон.  

2002 шықәса раахыс азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус иуеит.

Жьҭаарамза 7, 2002 шықәса рзы Аԥсны Арратә прокуратура аусеилыргаҩыс дҟаҵан.

Мшаԥымза 21, 2011 шықәса рзы Арратә прокуратура аусеилыргаҩ еиҳабы имаҵураҭыԥ ахь диагоуп.  

Ԥхынҷкәын 8, 2015 шықәса раахыс иара арратә прокурорс дыҟан.

Лаҵарамза 13, 2015 шықәса рзы арратә прокурор инапынҵақәа рынагӡаҩыс – Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада  ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Ԥхынҷкәынмза 8, 2015 шықәса рзы Аԥсны апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩыс – арратә прокурор имаҵураҭыԥ ахь дыиагахоит.  

Лаҵарамза 6, 2019 шықәса рзы  ианашьахеит аиустициа аинрал-маиор ҳәа изаамҭанытәиу арратә чын.

2019 шықәса инаркны 2024 шықәсанӡа Аԥсны апрокурор Хадас дыҟан.

 

 

 

 


Read 279 times