Print this page
18.Лаҵара.2025

УА Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩрахь ирмарианы рыдкыларазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩрахь ирмарианы рыдкыларазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

2025 шықәса лаҵара 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ирмарианы риуразы» ҳәа хьӡыс измоу Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аусшәҟәы Урыстәылатәи Афедерациа азиншәҟәқәа рпортал аҿы икьыԥхьуп

Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал алазҵо рзы  иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵаннхареи аурыс бызшәеи Урыстәыла аҭоурыхи рдырразы аҭагылазаашьақәа рыҟәныҟәара хымԥадатәны иҟаӡам.

Уи роур рылшоит 18 шықәса инеиҳаны изхыҵуа нанҳәамза 26 2008 шықәса рзы ареспубликақәа разхаҵара аныҟала аамҭазы Аԥсны ма Аахыҵ Уаԥстәыла ртәылауаҩра змаз, Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аналарҵоз аҽны уи зцәымӡыз атәылауаа.

Ареспубликақәа рҿы инхо атәылауаа арзаҳалқәа аларҵар рылшоит урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы, Урыстәыла инхо арзаҳалқәа аларҵар рылшоит иахьҭаҩу ма фактла иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра усбарҭаҿы.

Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара алшоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи.

Аусԥҟа амч аиуеит уи анкьыԥхьыз аҽны инаркны.  

 

 


Read 278 times - Ашәахьа, 19 Лаҵара 2025 16:06