Исымоу алшара схы иархәаны, Шәара шәаҳаракыра, шәнапы иану аҭакԥхықәрақәа рынагӡараҿы агәабзиареи, аманшәалареи, ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьар сҭахуп, иара убасгьы агәыӷра сымоуп шәара сареи ҳаицхырааны аҩ-тәылак рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура арҵаулареи ҳалшап ҳәа”.
Ахәҭакахьала, Олег Барцыц Шьамтәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада ихьӡала идәықәиҵаз ашәҟәы аҿы адныҳәалара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Олег Барцыц Еиду Амилаҭқәа Реидгыла ааҟынтәи Шьамтәыла аганахьала асанкциақәа раԥыхра апроцесс ахьалагаз даара гәахәарадула ишидикыло, уи атәыла анаҩстәи аҿиареи аӷәӷәахареи рзы, ажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәреи рзы акыр зҵазкуа импусны ишыҟалоазгәеиҭеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистр шьамтәылатәи иколлега иара ианизыманшәалоу аамҭа алхны Аԥсны даҭаарц азы ааԥхьара ииҭеит.