Print this page
15.Лаҵара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ахәыҷқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа иаку аԥаратә цхыраагӡа зауа атәылауаа раанкылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахаз Урыстәылатәи Афедерациа иаку аԥаратә цхыраагӡа зауа атәылауаа раанкылара ахҭысқәа ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилаки асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы Аилаки инарҭбаау аилатәара аҿы.  

Аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, аиустициа аминистр Анри Барцыц, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аиба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Алхас Чычба, ареспублика аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, иарбоу азҵаара ауаажәларра акыр иаргәамҵуеит уи алацәажәареи аҭышәынтәалареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба ари азҵаара уадаҩуп, аха уи аӡбара алыршатәуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара сақәгәыӷуеит ҳара ҳахшыҩ еилаҵаны ари аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишьақәгылаз  иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵшьас иамоу еилаҳкаап ҳәа. Ҳара имаҷымкәа иҳадҵаалоит даара ауадаҩра дуқәа зызцәырҵыз ҳтәылауаа. Арҭ ауадаҩрақәа, рыцҳарас иҟалаз, рыӡбара акыр иуадаҩуп. Аиҳарак ахҭысқәа рҿы ахара зду ҳтәылауаа роуп. Аха ишыҟазаалакгьы ҳара излауа ала урҭ ринтересқәа рыхьчара ҳҽазаҳшәароуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба анагӡаратә мчра иарбоу азҵаара аӡбара иаҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара иаарту адиалоог шалыршахо азы агәыӷра ааирԥшит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аиԥылара иара игәаанагарала анагӡаратә мчреи адепутаттә корпуси Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи иарбоу азҵара иаҵоу аҵакы ахадареи актуалреи шеилыркаауа арҵабыргуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари уаҳа альтернатива змам усуп. Ҳара иаҳҭакԥхықәроуп шәара ииашаны ишышәҳәаз еиԥш, ҳтәылауаа ринтересқәа излауа ала, аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны рыхьчара», – ҳәа иҳәеит иара.

Аиустициа аминистр Анри Барцыц ахәҭакахьала иазгәеиҭеит ари азҵаара иуадаҩу акатегориа змоу рахь ишаҵанакуа.

«Аԥхьанатә, ҳара ҳахь раԥхьа арзаҳалқәа аарышьҭуа ианалага, ҳара ҳтәылауаа ацхыраара рыҭара ҳҽазаҳшәон. Аха нас еилкаахеит ас еиԥш адҵааларақәа еиҳа-еиҳа ишрыцлоз. Ҳара зегьы ҳахшыҩ еилаҵаны џьара акы ҳаӡбароуп ари азҵарара аӡбара алыршаразы, аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы», – ҳәа иҳәеит иара.

Асоциалтә еиқәыршәареи аџьеи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба иарбоу азҵаара аиҳарак иуадаҩу аматериалтә, аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз, социалла иуашшәыроу аҭаацәа ркатегориа ауп изыдҳәалоу ҳәа иазгәеиҭеит.

 «Ҳара аамҭак азы ари азҵаара аӡбара ҳнапы алакын, аха уи анапхгарабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара аҿы аӡбара ауӡом», - ҳәа иҳәеит иара.

Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аибеи ареспублика аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариеи ари азҵаара инарҭбааны алацәажәареи агәаанагарақәа зегьы ҳасаб азуны хра злоу аӡбамҭа адкылареи аҭахуп ҳәа иазгәарҭеит.

«Иарбоу аҭагылазаашьа иадҳәалоу ахҭысқәа, адҵааларақәа зегьы еиԥшӡам, зегьы рызнеишьақәа реиҟарара ҟалаӡон.… Ҳара ажәалагалақәак ҳамоуп, уҭр алацәажәаразы ишәыдаагалоит иахьа», – ҳәа илҳәеит Анас Кьышьмариа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы аҭыԥ роуа иалагеит ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәеи ан лкапитал алхреи рзы Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩра змоу атәылауаа рганахьала ашьаусқәа рхацыркра иадҳәалоу ахҭысқәа.

Аиԥылара аиҳарак ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаԥысуан. 

 

 

 


Read 122 times