Print this page
вчера 2:25

Аҳәынҭқарра Ахада ААР аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ААР аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра  азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра далахәын Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра  азгәаҭара иазкыз аныҳәатә еилатәара.

Аҳәынҭқарра Ахада аофицарцәа ирыдиныҳәалеит аиҿкаара аиубилеи.

 

Гәынба Бадра  иқәгылараҿы иҳәеит:

«Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

Аҩызцәа аофицерцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра. Шәара шәеиҿкаара еиднакылоит ахьӡи-аԥшеи, агәымшәареи зыԥсҭазаара ҵакыс иамоу. Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа русбарҭақәа русзуцәа шәҩыла Аԥсадгьыл ахьчаразы игылан. 42-ҩык амилиционерцәа Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы уахгьы-ҽынгьы атәылауаа ршәарҭадара рыхьчон рхы иамеигӡакәа. 70-ҩык инареиҳаны амилиционерцәа аибашьра ашьҭахь рмаҵура анагӡараан иҭахеит. Ҳхырхәоит аофицарцәа гәымшәақәа ргәалашәара аҿаԥхьа.

Акыр  иаԥсоу аветеранцәа ахә ашьара уадаҩуп аҩныҵҟатәи аусқәа  русбарҭақәа рыҟны аус зуа абиԥара ҿыцқәа ирышәҭо аԥышәа, адыррақәа. Шәара ҿырԥшыга бзианы шәыҟоуп хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵ ауразы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ахирра!

 


Read 64 times