Print this page
вчера 13:14

Владислав Арӡынба ифотосахьақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа ақалақь, С. Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Владислав Арӡынба ифотосахьақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа ақалақь, С. Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы.

Аекспозициа аҿы иҟоуп Владислав Арӡынба иԥсҭазаара еиҳа иналукааша амоментқәа зныԥшуа 80 фотосахьа. Афотосахьақәа равторцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп еицырдыруа афотоҭыхыҩцәа – В. Попов, С. Арутиунов, В. Кецба, М. Барцыц, И. Ҷкадуа, Б. Кобахьиа, С. Лидов, М. Фостер.

Аиубилеи аҽны ацәыргақәҵа иаҭааз зегьы гәаларшәагас ҳамҭас ирыҭахоит аԥсышәалеи урысшәалеи иҩу Владислав Арӡынба ицитатақәа зну афутболкақәеи ашәҟәқәа рыгәлаҵақәеи.

Ацәыргақәҵа мышкы аус аулоит.


Read 46 times