Print this page
вчера 3:19

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиуст Жәандәрыԥшь ақыҭан ишьақәдыргылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза  13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәандәрыԥшь ақыҭан ишьақәдыргылеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиуст.  Аскульптор – Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Витали Џьениа. Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ақыҭақәа рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Абиуст шьақәыргылан абаҟа аҟаҵаразы аԥара еизызгаз ақыҭауаа рыԥшьгарала. Афинанстә цхыраара иара убас иҟанаҵеит Муса Еқьзеқь Ифонд.


Read 47 times - Аҩаша, 13 Лаҵара 2025 21:25