«Ишыҟазаалакгьы, уи зегьы ауаа ирыдҳәалоуп, убри аҟнытә аҩнқәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы ҳара ҷыдала ахылаԥшра аҳҭоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп мчыбжьыки бжаки иахымгакәа иҟалаз амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа зегьы рықәгара шзалыршахо», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Иааизакны амшцәгьа иахҟьаны араион иаиуз азарал абанӡанаӡои ҳәа ажурналист ииҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Очамчыра араион ахада Алхас Кациа ақалақь аҿы хы-ҩнык ааха роуит ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа ахаҭарнакцәа адефеккттә акт еиқәдыршәеит. Ааигәа урҭ аусура иалагоит.
«Иарбоу аобиектқәа рҿы ҳара ҳамчқәа рыла аусура ҳзынамыгӡаӡеит. Уажәы ҳара Кәарҭаа имҩала игылоу аҩны № 34 аҿы ҳаҟоуп, ари аҩны 60-тәи ашықәсқәа раахыс аҭагылазаашьа уашәшәыраны иҟоуп, аха ус ишыҟоугьы араҟа ауаа нхоит. 2023 шықәса рзы аекспертиза мҩаԥган, алкаагьы ҟаҵан. Амҿы иалху абарҵақәа уи ашьҭахь ауп ианыҟаҵаз. Иахьазы ари аҩны аҿы иҭаҩуп жә-ҭаацәарак, иааиԥмырҟьаӡакәан инхоит ф-ҭаацәарак. Арҭ ауаа уаҳа даҽаџьара хыҵакырҭа змам роуп», – ҳәа иҳәеит Алхас Кациа.
Иаалырҟьаны иҵысыз аԥшацәгьа иахҟьаны ари аҩны еиҳагьы ааха аиуит, хыхьтәи аихагылақәа рҿы абарҵақәа бгеит.
Кәартаа имҩала игылоу аҩнеихагыла №36 убасҵәҟьа ахархәарахь ирыҭан 60-тәи ашықәсқәа рзы. Араҟа ахыбра ахәҭак хнахит. Уи еиҭашьақәыргылатәуп.
«Ақыҭақәа рҿы 15 рҟынӡа ахатәы ҩнқәа ааха роуит. Аха урҭ реиҭашьақәыргылара ҳара ҳхатәы мчқәа рыла имҩаԥаагоит. Аҭыԥантәи абиуџьет ахарџь ала ҳара иаахәаны иаагеит ашифер, уи ауаа ираҳҭоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Алхас Кациа.