Print this page
вчера 0:59

Бадра Гәынба: ҳара Ҭҟәарчал апроблемақәа рыӡбаразы ҳамчқәеи ҳалшарақәеи зегьы азаҳкуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Ҭҟәарчал араион аҿы ицәырҵыз апроблемақәа рыӡбаразы ҳамчқәеи ҳалшарақәеи зегьы азаҳкуеит, ҳәа Ҭҟәарчал аинспекциатә ҭаара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

«Иҵысыз аԥшацәгьа иахҟьаны Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ауадарацәа змоу аҩнеихагылалақәак рхыбрақәа рыхнахит. Оперативла ақалақь ауааԥсыра ацхыраара рыҭара, ауадақәа аӡы рыҩнамдарц азы излауа ала ирласны ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара азы адҵа ҟаҵан.

Ԥшь-ҩнеихагыла рҟынтәи ҩба рхыбрақәа еиҭашьқәыргылоуп. Хара имгакәа, ҩымчыбжь ирхымгакәа иаанхаз аҩ-ҩныкгьы еиҭашьақәыргылахоит», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны иара убас Аԥсны егьырҭ араионқәеи ареспублика аҳҭнықалақьи аԥхасҭа роуит.

«Ҳара араионқәа зегьы рҿы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа иаарласны раԥыхразы иахәҭоу амаҵзурақәа радԥхьалареи аԥхасҭа зауыз атәылауаа ацхыраара рыҭареи алҳаршоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 68 times