Print this page
09.Лаҵара.2025

Владимир Делбеи Михаил Мишустини Аиааира Амш инамаданы адныҳәаларатә жәақәа еимырдеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустини Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира Амш 80-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә жәақәа еимырдеит.

Михаил Мишустин Владимир Делба иахь иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы иазгәаҭоуп: Ҳаҭыр зқәу Владимир Валериан-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду Амш 80-шықәса ахыҵра.

Ари аныҳәатә мшы азы ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит анацизм иаҿагыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчаз, еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рзы аҭынч ԥсҭазаара аазгаз зегьы.

Агәра ганы сыҟоуп ҳаиашьаратә жәларқәа ирыбжьоу афашизм аҿагыларала иӡрыжәху аиҩызара аринахысгьы астратегиатә партниорреи аидгылареи рырӷәӷәара ишацхраало. Уи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ирықәшәоит.

Ҳыҭыр зқәу Владимир Валериан-иԥа, аҳәара ҟасҵоит Шәара шәахь, Аԥсны инхо аибашьра аветеранцәеи атыл аусзуҩцәеи зегьы сыхьӡала гәыкала иҟаҵоу агәабзиареи агәамчи аизҳазыӷьареи ашықәснҵыреи рзы азеиӷьашьарақәа сызрышәҭарц.

Владимир Делба Михаил Мишустин иахь иҟаиҵаз адныҳәалараҿы, ахәҭкахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа!

Ишәыдыснышәалоит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  80-шықәса ахыҵра.

Лаҵарамза 9, 1945 шықәса ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәеи апрогрессивтә уааԥсыреи зегьы рзы  иҵаулоу асимволтә ҵакы змоу рыцхәны иаанхоит. Ҳиҳабацәа акыр амыҟәмабарақәа рыхганы афашисттә идеиақәа рылаҵәара иаҿагылеит. Ар Ҟаԥш аруаа рфырхаҵара урҭ рхылҵышьҭрақәа ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит.

Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Урыстәыла Анапхгара Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рганахьала иаанарԥшуа агәцаракра азы. Иахьа ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳветеранцәа, урҭ рфырхаҵарақәа ҳгәалаҳаршәоит, уи ес еиҵагыло абиԥарақәа ирызнаҳгалоит, хьӡи-ԥшеи зцу ҳҭоурых адаҟьақәа хашҭра рықәымкәа иаанхарц азы.

Иҳаҩсхьоу агәалашәара ҭакԥхықәраны иҳаднаҵоит иҳабжьоу аимабзиаратәи аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи ҳтәылақәа ирықәынхо ажәларқәа реизҳазыӷьара азы ганрацәала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи.

 

 

 

 


Read 67 times - Ашәахьа, 12 Лаҵара 2025 11:05