Print this page
08.Лаҵара.2025

Беслан Ешба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нонна Дорофеева длыдныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нонна Дорофеева длыдныҳәалеит.  

«Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч. Даараӡа ҳгәы дууп шәахьҳалагылоу. Анцәа имч ала ишәзааигәаоу ауааи ҳареи акыр аамҭа шәҳахымхааит!». – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. 

Ахәҭакахьала, Нонна Дорофеева адныҳәалара азы иҭабуп ҳәа лҳәеит:

«Сара даара сеигәырӷьеит шәара  шәеиԥш иҟоу ауаа иахьа иахьысҭааз. Сара сгәалаҟазаара бзиоуп, уи ада исцәыуадаҩхар ҟаларын аԥсҭазаара. Сара зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп аҭынчра, џьаргьы аибашьра ҟамло. Аибашьра ҟамлар, зегьы насыԥ рыманы инхалоит», - ҳәа илҳәеит лара.

Беслан Ешба аветеран ашәҭ шьыҵәрақәеи аԥаратә ҳамҭеи ланеишьеит.  


Read 48 times