Print this page
08.Лаҵара.2025

Беслан Бигәаа длыдныҳәалеит аибашьра аветеран Елена Водзинскаиа.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аибашьра аветеран Елена Водзинскаиа Аиааира Амш 80-шықәса ахыҵра лыдиныҳәалеит.

Елена Водзинскаиа 97 шықәса лхыҵуеит. Аибашьра аналагоз лара илхыҵуан 17 шықәса. Лара ахәрақәа зауз аибашьцәа ахьнаргоз Цхалтубо иҟаз ахәышәтәырҭа аҿы аус луан.

Беслан Бигәаа аветеран иҭабуп ҳәа леиҳәеит Аиааира агара аҿы ллагала азы.

«Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ҳара ҳгәадура ауп. Шәара шәлагала, ишәылшаз ахә ашьара уадаҩуп. Ишәыдысныҳәалоит ари акыр зҵазкуа арыцхә. Шәареи шәхәыҷқәеи агәабзиареи ашықәснҵыра дууи шәоуааит. Ҳара даара пату ақәаҳҵоит ишәылшәыршаз аус», - ҳәа иҳәеит Беслан Бигәаа.

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ аветеран ашәҭ шьыҵәрақәеи аԥаратә ҳамҭеи ланеишьеит.


Read 64 times