Аматериал ду изкуп Родион Чамагәуа. Хҩык иашьцәеи иареи аибашьра зегьы рхыргеит. Аҩныҟа ҩыџьа роуп ихынҳәыз. Иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иԥҳа еиҳабы, лаб имаҭәақәа реилыргара дшаҿыз аблокнот лымԥыхьашәеит. Ишеилкаахаз ала, Родион Чамагәуа 1943 шықәса раахыс амшынҵа имазаарын. Уи анҵамҭақәа раԥхьаӡа акәны акьыԥхь ахь ицәыргахеит.
«Аԥсҭазаара азы» ҳәа ахьӡ змоу даҽа материалк 2019 шықәсанӡа хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалаз Мамед Анқәаб изкуп. Фы-шықәса раԥхьа уи дахьҭахази анышә дахьамадоуи рзы аинформациа цәырҵит.
Борис Каџьаа хаз игоу истатиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Ленинград амҵан фырхаҵарыла еибашьуаз аԥшыхәҩы Мирод Амԥар изкуп. Акыр шықәса иара хабарда дыбжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан. Усҟантәи аамҭазтәи ахҭысқәа ирылахәыз, зыблала избаз рдыррақәеи аҟазадырҩы Боча Аџьынџьал иархивтә дыррақәеи ирыбзоураны алегендартә фырхаҵа иԥсҭазаара аиҭашьақәыргылареи аарԥшреи алыршахеит.
Аибашьра алахәылацәа аишьцәа Гагәылиаа ирызку аматериал лыҩит Альбина Жьиба. Елана Лашәриа лыстатиа изылкит 80 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны ззыҳәан аинформациа кьыԥхьу Чик Ԥачлиа. Илана Ԥачлиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз лабду Хәыта Пиотр-иԥа Ԥачлиа изкны аматериал лыҩит. Алиса Гәажәба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны еиҿкааз ацәыргақәҵа азы астатиа лыҩит. Иара убас, актәи ацәаҳәа аҿы икьыԥхьуп иахьа Анцәа иҟынтәи зыԥсы ҭаны иҟоу 15-ҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рзы адыррақәа.
Агазеҭ аредактор хада Ахра Анқәаб агәра ганы дыҟоуп агазеҭ аныҳәатә номер аинформативреи иуникалу аматериалқәеи иԥшшәылоу акьыԥхьи ирыбзоураны аԥхьаҩ игәаԥхап ҳәа.