Ҳара, иара имоҭацәа ҳабду ҳизгәдуун. Иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь уи еибашьратә мҩа иазку џьара информациак ҳауазар ҳәа ҳашьҭалеит. Рыцҳарас иҟалаз, иҳамаз аинформациа маҷын, насгьы аибашьраан ҳабду иҩны иалыблит аибашьраҿы иоуз амедалқәеи аорденқәеи, хыԥхьаӡара рацәала аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Аинтернет ала Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра архив Хада асаит аҿы ҳара иара изкны иҳаԥшааит иамҷзаргьы, аха уеизгьы акырӡа зҵазкуа аинформациа. Иҟоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьаразы аӡбамҭақәа рзы ашәҟәқәа, иааирԥшыз афырхаҵара азы адыррақәа. Убас ала, еилкаахеит: аефреитор Тураа В.Г. 16.08.1941 шықәса инаркны ддәықәҵан 1178-тәи ахысратә полк 350-тәи ахысратә дивизиа ахь. Далахәын Орловтәи ахырхарҭа ала ицоз аидысларақәа. Араҟа иоуит ахәра. Ахәышәтәырҭа ашьҭахь ддәықәҵан иара убри арратә хәҭа ашҟа. Иара убри ашықәсан, ԥхынҷкәынмзазы Дон аӡиас абжьаратәи амҩасра аҿы ицоз аидысларақәа дрылахәын. Араҟагьы ахәра иоуит. Ахәышәтәырҭа ашьҭахь ддәықәҵахоит 35-тәи агвардиатә хысратә дивизиа ашҟа, далахәын Курск азааигәара ицоз аидысларақәа. Араҟа иара ҩаԥхьа ӷәӷәала дырхәит. Маҷк ишьапы данаақәгыла ашьҭахь, иара ддәықәҵахеит 173-тәи арратә аԥхьатәатә хысратә полк ашҟа. Ажьырныҳәамза 17, 1945 шықәса рзы асолдаҭ, Ар Ҟаԥшь аибашьҩы Тураа В.Г. анапхгаратә ҳамҭа, “Агәымшәаразы” амедал аиуразы идгалара мҩаԥган. Жәабранмза 20, 1945 шықәса рзы 173-тәи Арратә аԥхьатәатә ахысратә полк акоменданттә взвод ахысҩы, аефреитор Тураа В.Г. «Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аорден I аҩаӡара» ианашьахеит. Иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахьӡала анемец мпыҵахалыҩцәа рҿагылара афронт аҿы Акомандаҟаҵара ахыдҵақәа ԥымкрада рынагӡареи убри аан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Аиаҵәа Ҟаԥшь аорден» ианашьахеит. Иҟоу адыррақәа рыла, иара убасҵәҟьа Днепр арра азы аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьан, иҟан егьырҭ аҳамҭақәагьы, аха рыцҳарас иҟалаз, урҭ рзы адыррақәа макьаназы иԥшааӡам. Аибашьра анеилга ашьҭахь, 06.04.1985 шықәса рзы иара ианашьан “Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аорден» II аҩаӡара.
Хыхь ишысҳәахьаз еиԥш, ҳабду ахӡыргара иашьҭаз уаҩымызт, уи аибашьраҿы илиршаз атәы ирҳәара акырӡа ицәгьан. Аха, шықәсқәак раԥхьа иҳамԥыхьашәеит асовет аамҭазы иҭрыжьуаз агазеҭ «Акоммунизм ахь». Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 40-шықәса ахыҵра иазкыз агазеҭ аномер ианылеит сабду иҿцәажәара, араҟа иара аибашьра аамҭа атәы еиҭеиҳәоит. Ишыҟалах здыруада, акорреспондент дазааигеит сабду аиҿцәажәара. Астатиа иахьӡуп “Сааԥсеит издырӡом” ҳәа. Абар уаҟа иаҳәо:
“Володиа Гәыџьыџь-иԥа 1940 шықәса раан арра иԥхьеит. Зқәыԥшра аамҭа иҭагылаз арԥыс архәҭаҿы даннарга, раԥхьа акырӡа ицәыуадаҩхеит ар рҵас, аха аамҭақәак аабжьысхьан уи дашьцылеит, иҩызцәа рыгәҭа даарылубааратәы ихы ааирԥшуа далагеит. Черновка ақалақь азааигәара акәын Володиа дызлаз архәҭа ахьгылаз. Араҟа шықәсык ихыигахьан еиԥш, ус атәыла иақәлеит афашисттә мпыҵахалыҩцәа. Абџьар шьҭырхит бырги-ҿаргьы зегьы. Володиа Тураа дызлаз архәҭагьы адҵа аиуит Бриансктәи ахырхарҭахь идәықәларц. Володиа ашьаҟауаа рырхәҭа ауп дызлаз. Урҭ акыр аԥынгылақәа роуит, аха ахысцәа рывзвод еилшәара амамкәа акәын ишаауаз. Аҵыхәтәан ажәыларақәа руак аҟны рбаталион ааха ӷәӷәа аиуит. 12-ҩык роуп зыԥсы ҭаны уи ажәыларахьынтәи ихынҳәыз. Володиа игәалашәара атәы ҳзеиҭеиҳәарц ҳаниазҵаауаз иҳәеит абас: - ҳара иаҳхаагаз ауаӷеимшхара аиҭаҳәара зынӡагьы исҭахӡам, аха шәарҭ ус ианышәҭахха ишәзеиҭасҳәап акык-ҩбак, - иҳәан Володиа ишиҭахӡамыз иеибашьратә хҭыс аиҭаҳәара дналагеит:
" Усҟан иԥсыда-инхада ҳәа аԥса анеиларҵоз, адгьыл амца анадыркуаз аамҭа акәын. Сара ахысцәа рывзвод аҟны сыҟан. Ҳарҭ ҳадҵа акырӡа ихьанҭан. Аԥшыхәра идәықәырҵоз иҭыԥаҿы днеины дхынҳәаанӡа ҳабла ихызар акәын. Аснаиперцәа среиҳабын. Ҽнак иҳажәлеит дара амлашьцәа, аха ҳара ҳахьыҟаз ҳагьеиҭамҵит. Аҵыхәтәан атанктә пулимиотқәа анҳажәырҵа, маҷк ҳҭыԥ ҳамԥсахыр ԥсыхәа амоуит. Абри ажәылараҿы 6-ҩык ҳада уаҳа аӡәы дыҟамкәа ҳрыҵҟьеит. Ҳарҭ иаанхаз ҳаԥсыроуп, акәымзар аиҭаҵра, шьҭахьҟа мап,- ҳәа ажәа ҳәаны напылатәи апулимиотқәа иҳамаз аус дҳаруан. Иҟалахыз здыруада, дара рахьынтә ахысра еихсыӷьит. Ҳара иааулак ҳкәырны ҳааигәаратәи архәҭа ҳҽадаҳхалеит. Анаҩсан сара сгәалашәараҿы исхамышҭуа исзынхаз Днепр аӡы ҳаныруазтәи ахлымӡаахра ауп. Абраҟа наҟ-ааҟтәи аиҿахысрақәа убас еиԥш иҟан, аӡы шьала ихҩоуп уҳәарын. Аха иагьа ус иҟазаргьы, ҳаибашьцәа хьамҵит, ишжәылац ижәылон. Иааулакгьы аӡы ҳарит Белоцерков азааигәара џьара. Анаҩсан мардараны ҳнаҿагылт. Хыхь дара хысуеит, ҵаҟа ҳара ҳаҿалан ҳхалар акәын. Ус ҳашнеиуаз сҿаԥхьаҵәҟьа ”Мистер-Шмитт” иканажьыз абомба ҭҟәацит, сагьажит. Абраҟа ааха исоуз иахҟьаны сҩызцәа анышә сыҵхны агоспиталь ахь саннарга ашьҭахьгьы, мчыбжьык аҟара сҿахьи слымҳақәа рахьынтәи ашьа аауан. Аха сымԥсырц сыҟазар акәхарын, саанхеит, абар ишыжәбо сыҟоуп иахьагьы," - ҳәа иҳәан иажәа аахиркәшеит уи.
Агоспиталь аҟнытә дангыла Володиа Гәыџьыџь-иԥа Тураа ҩаԥхьа абџьар шьҭыхны аибашьра далагеит. Уи дызлаз архәҭа рнапаҿы иааргеит ақалақь Берослав. Берлин 120 километра иахьацәыхараз 40 мшы шьапыла иныҟәахьан. Амца қьоуқьад иалсны акәын ишцоз. Абраҟагьы гәеиҵахара ҟамҵакәа ԥхьаҟа днеиуан аԥсуа еибашьҩы Володиа Тураа”.
Ҳабду Аџьынџьтәылатәи еибашьра анеилга дхынҳәит иҩныҟа Ҵхьенҵҟарҟа (уажәы Лашькьындар ҳәа иашьҭоуп – азгәаҭа). Уи игәаҿы илашон “Аеҵәа Ҟаԥшь” аорден, амедалқәа 7 рҟынӡа. Иҩны данааи ԥыҭрак ашьҭахь аҭаацәара аԥиҵеит. Дынхо -дынҵуа далагеит. Аҭынч ԥсҭазаараҿгьы иара зеиӷьаҟам ала ихы ааирԥшит. Анхара аус здыруа, зуси зажәеи еимадоу, аџьа иамароу анхаҩы бзиа ҳәа изырҳәо дҟалеит. Уи дырҵабыргуеит хыԥхьаӡара рацәала ианашьаз аҳаҭыртә шәҟәқәа. Иара убас араион Ахадара абригадир Тураа Владимир Гәыџьыџь-иԥа Москваҟа Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа ахь ддәықәнаҵахьан.
Иагьа аамҭа царгьы, ҳаиҳабацәа рфырхаҵара наунагӡа ҳара ҳзы Ауаҩра ҳцәымӡартә еиԥш ҳҟазҵо мҩақәҵаганы ианхоит. Хашҭра рықәымзааит Афырхацәа!