Print this page
вчера 19:42

Бадра Гәынба Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Тамшь ақыҭан Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада ицны арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Уарлам Габлиа иуацәеи иҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Уарлам Алықьса-иԥа Габлиа (абҵарамза 12, 1902 шықәса — ԥхывнҷкәынмза 28, 1982 шықәса) — 2-тәи Украинатәи афронт 46-тәи ар 83-тәи  амшынтә хысратә бригада, 144-тәи амшынтә аршьаҟа абаталион аминаршәгатә хәҭа акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.  Деибашьуан Аладатәи, Аҩада-Кавказтәи, Кавказнҭыҵтәи, ҩаԥхьа Аҩада-Кавказтәи, 4-тәии 3-тәии Украинатәи афронтқәа рҿы. Асовет Еидгыла Афырхаҵа (1946 ш.).

Хәажәкырамза, 1945 шықәса рзы ақалақь Естерг (Венгриа) уахьналало ԥшьымши-ԥшьыҵхи абригада ихадоу амчқәа рыцхыраарада абаталион аилазаараҿы аидыслара далахәын. Аминаршәгацәа усҟан индырҵәеит ирацәаны аӷа иеибашьцәа. Иара ӷәӷәала дырхәит, аха аибашьра адәы аанимыжьӡеит.

Арратә маҵзура аҟынтәи ихы дақәиҭхеит рашәарамза, 1945 шықәса рзы. Уи ашьҭахь дынхон Очамчыра ақалақь аҿы. 

 

 

 


Read 96 times - Ахаша, 07 Лаҵара 2025 21:56