Print this page
вчера 22:34

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аделегациа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны Москва ақалақь аҿы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аделегациа 1941 – 1945 шш.  Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  80-шықәса ахыҵра иазкны Москва ақалақь аҿы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал - полковник Владимир Савченко, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Нодар Аҩӡбеи  Давид Бжьаниеи.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны лаҵарамза  8 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр Андреи Белоусови реиԥылара. Аиԥылараҿы ирылацәажәараны иҟоуп арра-политикатә ҟазшьа змоу аҵаарақәа, арра-техникатә усеицура, иара убас Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи атәылахьчаратә  усбарҭақәа русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа.

Лаҵарамза 9 рзы Аԥсны атәылахьчара ахылаԥшырҭа Хада аделегациа 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  80-шықәса ахыҵра иазку  Апарад иалахәхоит.


Read 106 times