Print this page
вчера 19:50

Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа ибаҟа аадыртит Очамчыра ақалақь аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы  Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа (абҵарамза 12, 1902 шықәса - ԥхынҷкәынмза 28, 1982 шықәса) ибаҟа аартра иадҳәалаз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Абаҟа аартра иадҳәалаз ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Очамчыра араион ахада Алхас Кациа,  Уарлам Габлиа иуацәеи иҭынхацәеи, ақалақь ауааԥсыра.

Еизаз Уарлам Габлиа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аскульптор Амиран  Адлеиба ила иаԥҵоу абаҟа 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рмемориал ааигәара ишьақәыргылоуп.  

Аибашьра аветеранцәа Рхеилак алахәыла Аслан Дгебиа асержант еиҳабы, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа ифырхаҵаратә мҩа далацәажәеит:

«Иара 2-тәи Украинатәи афронт 46-тәи ар 83-тәи  амшынтә хысратә бригада, 144-тәи амшынтә аршьаҟа абаталион аминаршәгатә хәҭа акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.  Деибашьуан Аладатәи, Аҩада-Кавказтәи, Кавказнҭыҵтәи, ҩаԥхьа Аҩада-Кавказтәи, 4-тәии 3-тәии Украинатәи афронтқәа рҿы.

Хәажәкырамза, 1945 шықәса рзы ақалақь Естерг (Венгриа) уахьналало ԥшьымши-ԥшьыҵхи абригада ихадоу амчқәа рыцхыраарада абаталион аилазаараҿы аидыслара далахәын. Аминаршәгацәа усҟан индырҵәеит ирацәаны аӷа иеибашьцәа. Иара ӷәӷәала дырхәит, аха аибашьра адәы аанимыжьӡеит. Арратә маҵзура аҟынтәи ихы дақәиҭхеит рашәарамза, 1945 шықәса рзы. Уи ашьҭахь дынхон Очамчыра ақалақь аҿы.  

Очамчыра араион ахада Алхас Кациа ари араион азы ҷыдала гәадураны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Шьҭарнахыс ақалақь аҿы инхо роума, ақалақь иаҭаауа асасцәагьы ирдырлоит араҟа дышиз зфырхаҵареи згәымшәареи рыла аҭоурых ахырхарҭа зыԥсахыз иреиуоу ауаҩы», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алхас Кациа.

Аныҳәатә церемониа иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҭахаз аибашьцәа.

Абаҟа ааигәара еиҿкаауп Уарлам Габлиа иархивтә фотосахьақәеи арратә аамҭа иатәу идокументқәеи рцәыргақәҵа.

___

Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум лаҵарамза 15, 1946 шықәса рзы иҭнажьыз Аусԥҟа ала анемец-фашисттә мпыҵахалыҩцәа рҿыгыларан афронт аҿы арратә напхгараҭара адҵақәа ԥымкрада анагӡареи,  убри аан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы асержант еиҳабы Габлиа Уарлам Алықьса-иԥа ианашьахеит Ленин иордени «Ахьтәы иаҵәа» амедали,  Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракгьы ихҵахеит.

 

 

 

 

 

 


Read 152 times