Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, Аԥсны ауааԥсыра Аладатәи Ешыра иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.